Арадио

Ануа Аԥсны Арбџьармчқәа раԥҵара амшныҳәазы: Аиааира амш иаҳзаҩызоуп

Аԥсны атәылахьчара аминистр, аинрал-полковник, Аԥсны Афырхаҵа Владимир Ануа атәыла Арбџьармчқәа рымш аҽны арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит аԥсуа ар аԥҵара шыҟалаз, аҭынч ԥсҭазаараҿы рҿаԥхьа хыдҵас иқәгылоуи ртәы.
Sputnik
1992 шықәса жьҭаара 11 аҽны Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум ахантәаҩы Владислав Арӡынба Аусдҵа инапы аҵеиҩит Атәылахьчара аминистрреи Аштаб хадеи раԥҵаразы. Абри инаркны ари арыцхә Аԥсуа ар ашьаҭаркра иамшны иԥхьаӡоуп.
"Ари амш Аиааира амш еиԥш иаҳбоит. Ҳара ҳаиԥш ажәларгьы ирныҳәоуп, избанзар, арбџьармчқәа аԥҵан ашьа анкаҭәоз аамҭазы. Аҩнуҵҟатәи архәҭа ҳәа иаԥҵаз аибашьра ианалага иалнаршаз рацәоуп, уи иалахәыз роуп арбџьармчқәа шьаҭас иазышьҭаз", - ҳәа еиҭеиҳәеит Ануа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.