WhatsApp ахархәаҩцәа ироуеит алшара абыжьҭаҩра функциа ҿыцла

Ирылаҵәоу амессенџьер аҿы ицәырҵраны иҟоуп иҿыцу аинтерфеистә елемент абжьҭаҩразы.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 12 - Sputnik. WhatsApp ахархәаҩцәа алшара роуеит абжьҭаҩраз афункциа ҿыц, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости WABetaInfo адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.
Аопциа иалнаршоит абжьы нашьҭымҭа аҭаҩраан аанкылара. Ари афункциа адыррамҭа ҭаҩрак ала ишьақәнаргылар ҟалоит аҿыц аҭаҩра аҭахымкәа.
Ааҭгыларатә кнопка аҭаҩратә интерфеис иацҵахоит. Иара ақәыӷәӷәараан аҭаҩымҭа аанкылахоит, аҽазныктәи ақәыӷәӷәара аҭаҩымҭа иацнаҵоит.
Макьаназы абжьҭаҩра ааҭгыларатә функциа WhatsApp аҿы измоу бета-тестерқәа заҵәык роуп. Аопциа аус адыруылоит.