COVID-19 ахшараиура ианырыр алшоит ҳәа рҳәеит аҳақьымцәа

Аҵарауаа акоронавирус ҿыц ауаҩы ихшара аиура ишаныруа аилкааразы аҭҵаарақәа реизгара иаҿуп.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 12- Sputnik. Акоронавирустә инфекциа ахацәа реиԥш аҳәсагьы рыхшара аиура ианырыр алшоит ҳәа иҳәеит аклиника-диагностикатә лабораториа "Инвитро-Сибирь" аҳақьым хада Андреи Поздниаков, ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
Ишәарҭоу COVID-19 аштамм цәырҵыр ҟалоит ҳәа агәҽанҵара ҟаиҵеит ВОЗ ахада
Аҳақьым -инфекционист еиҭеиҳәеит апандемиа иаалагазар аамҭа рацәа мцацт аҵарауаа акоронавирус ахшара аиура анырра шанаҭо аздырхиартә аиԥш.
"Иарбанызаалак аинфекциа, авирустәгьы абрахь иналаҵаны ахшара аиура анырра анаҭоит", - иҳәеит аҳақьым Поздниаков.
Аха ачымазара атромб ахьыҟанаҵо азы асеиԥш иҟоу анырра аиур ҟалоит ҳәа ишьоуп.
Аинфекционист иҳәеит ашьамҩасра еилагазар ацәеижь аҿы уи хымԥада анырра ҟанаҵоит ҳәа. Ауадаҩра аԥыхразы аҳақьым ааԥхьара ҟаиҵоит алаҵаҟаҵара мҩаԥгазарц.