Урыстәыла Агәабзиарахьчара ахада COVID-19-и аимҳәеи лаҵак ала рҿаԥҽра атәы далацәажәеит

Аҵыхәтәантәи амзазы Урыстәыла аимҳәеи ОРВИи ҩынтә рыла ахыԥхьаӡара еиҳахеит, аиҳарак адуцәеи 7-14 шықәса зхыҵуа ахәыҷқәеи.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 13 - Sputnik. Аамҭак ала аимҳәази акоронавирус ази алаҵаҟаҵараз аҭҵаарақәа ахыркәшарахь инеит ҳәа иҳәеит Агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко ҳәа аҩуеит РИА Новости.
"Уажәы аамҭак ала аимҳәази коронавирус ази алаҵаҟаҵараз аҭҵаарақәа ахыркәшарахь инаагеит. Сара сгәы иаанагоит хара имгакәа урҭ арбагақәа акьыԥхь ахь ицәыраагап ҳәа", - иҳәеит Мурашко ажурналистцәа дрыҿцәажәо.
Роспотребнадзор: акоронавирус бжьаратәла 11 мшы аԥсы ҭоуп
Адунеи аҟазауаа агәҭынчымра рымоуп аимҳәа аепидемиа асезон аламҭалаз. Аинфекциақәа ҩба – аимҳәеи коронавируси аамҭак ала рышьҭкаара зқьыла аԥсыҭбарақәа рахь икылнагоит.