Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Џьниаԥҳа акультуратә усбарҭақәа русура ахацыркра далацәажәеит

Аԥсны акультура аминистр Гудиса Агрба Акоординациатә штаб акультура аусҳәарҭақәа русура аиҭахацыркра азҵаара иахәаԥшуеит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит. Ражден Гәымба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә филармониа асахьаркыратә напхгаҩы Есма Џьниаԥҳа уи ахҳәаа алҭеит.
Sputnik
"Ҳәарада, ҳгәы хыҭхыҭуа ҳазыԥшуп аӡбамҭа. Ҩышықәса ҵуеит аус ҳамуеижьҭеи. Мызкы-ҩымз аус ҳуан, нас еиҭа ҳаркын, уи ҳныԥшит даара. Иаанкылан имҩаԥаагоз апроект дуқәа: аџьазтә фестиваль, ахортә, есышықәсазтәи марттәи ажәылара иазкыз аконцертқәа. Асценеи ҳахәаԥшцәеи гәхьаагоит, аха иҟауҵари, адҵа уацныҟәароуп", - азгәалҭеит Џьниаԥҳа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.