"Уаҟа ирықәуп еиҟәыншәыла рацәаххыран ажьымжәа": Гәымсҭатәи аӡахәаҭра аусушьа

Ажьааӡареи, зхаҭабзиара ҳараку аҩы хаа аҭаҭәареи хықәкыс измоу "Аԥсны аӡқәеи аҩқәеи реилахәыра" русура аилашымҭа даҭааны лылала илбеит Sputnik Аԥсны акорреспондент Наала Гәымԥҳа.
Sputnik
Жәытәнатә аахыс аԥсуа ибзазаратә культ аҟны ажьааӡара, аҩыҭаҭәара аҭыԥ ду ааннакылон. Асас аӡы данаҳәоз, изнаргоз аҩы акәын.
Наала Гәымԥҳа, Sputnik
Ажьааӡара Аԥсны ицәырҵит ҳәа иԥхьаӡоуп акыр зқьышықәса ҳера ҟалаанӡа. Уи дыршаҳаҭуеит археологцәа Аԥсны аҩнуҵҟа ирԥшааз ажәытә аамҭа иаҵанакуа имаҷымкәан абзазаратә мыругақәа. Иахьатәи аамҭазы уи акульт еиқәырханы иаагоуп. Збаҳча ажь еиҭаҳам шамахамзар нхаҩык дыҟамзар ҟалап.
Акаҷыҷ, Аҳардан, Амлахә: аӡахәа, ажь, аҩы аԥсуаа ркультураҿы
Аҟәа араион, Гәымсҭа ашҭа ҳәа иахьашьҭоу хкы рацәала ажь еиҭаҳауп. Рад-радла еиврыԥхаа еиҭаҳау ажь ахы-аҵыхәа бӷьы еилаԥсала иҩычоуп, ажьымжәақәа рыԥхны ихшьуп аӡахәа. Ҭагалан иацу абарақьаҭра уныруеит уи ашҭа уанаақәло. Ашықәс аамҭақәа зегь реиҳа абеиареи абарақьаҭреи зцу ҭагалан ажь аҭаареи, аҩыҭаҭәареи рзыҳәан иманшәалоуп. Иҭышәынтәалоу, иԥхарроу ҭагалантәи аҳауа цәгьала адгьыл адац-аԥашә ианаалоит ажь аарыхразы.
Гәымсҭатәи аӡахәаҭра аусушьа
Аусзуҩцәа хылаԥшра арҭоит аӡахәааӡара, ианаамҭоу ирхәшәтәуеит, аха иҟоуп хәшәтәышьа змам аӡахәатә чымазарақәа, уи ҳәарада аԥхасҭа ӷәӷәа ааннажьуеит. Аилахәыра "Аԥсны аҩқәеи аӡқәеи" агроном хада Иури Аӡынба иажәақәа рыла, ас еиԥш ачымазара Аԥсны адагьы, егьырҭ ажьааӡара знапы алаку атәылақәа рҟынгьы иаарԥшуп:
"Сынтәа ирацәаны ачымазара аԥхасҭа ҟанаҵеит. Ҳазыԥшын еиҳаны аҽаҩра аиура, аха маҷк еиҵахоит хымԥада. Краснодар, Молдавиа, Ҟрым уҳәа аимадара ҳабжьоуп, уаҟагьы ас еиԥш ажь чымазара даргьы иркьысит. Иҟоуп ачымазара хкқәа рацәаны. "Милдиу" захьӡу ачымазара аԥхасҭа ӷәӷәа ҟанаҵоит, зынӡаск аҽаҩра узҭамгало аҟынӡа ахы анаанарԥшуа убап. Ус шакәугьы, ҳақәгәыӷуеит сынтәа ҩ-нызқь тонна рҟынӡа аҽаҩра ҳауп ҳәа", - иҳәоит иара.
Аилахәыра "Аԥсны аҩқәеи аӡқәеи" иазалху адгьыл зынӡаск 600 гектар инаӡо ажьҭрақәа ыҟоуп. Урҭ рахьынтә абжа аҽаҩра аазышьҭуа ҳәа иԥхьаӡоуп,егьырҭ ҿыц еиҭаҳау роуп.
Сынтәа Аԥсны араионқәа рыҟны амшцәгьақәа ирыхҟьаны ажь аԥхасҭа аиуит. Уи аҭагылазаашьа атәы дазааҭгыло, агроном хада иҳәоит:
Гәымсҭатәи аӡахәаҭра аусушьа
"Ҳаплантациақәа Ԥшьаԥ, Владимировка иҟаз рахь аԥхасҭа ҳәа рацәак рмоуӡеит. Уаҟа аҽаҩра цәгьамкәан иҟоуп сынтәа, уи лҵшәа бзиоуп.Уажәы ҳахьгылоу Гәымсҭа ашҭа ҳәа иахьашьҭоу, араҟа еиҳа ачымазара кшеит, избанзар аҳауа ҽакуп, рхадгьылуп", - ҳәа азгәеиҭеит иара.
Раԥхьаӡакәны ари ашҭаҟны 2004 шықәсазы ажь аиҭаҳара напы адыркит. 2004-2005 шықәсқәа ирылагӡаны жәанызқь шьапы еиҭаҳан.
"Ари аус анхацыркха инаркны, ҳаилазаара иаӡбеит ажьхкқәа ааганы рыхкқәа ԥаҳшәарц. 42 хкы ажь аҳәаанырцәынтәи иааргеит. Ҳаԥсуа жьқәа рхыԥхьаӡара 23-24 рҟынӡа инаӡоит. Шәхкык рҟынӡа иҟазар ҟалап ари ашҭаҟны", - ҳәа дазааҭгылоит агроном.
Иури Аӡынба: ирацәоуп иӡыз аԥсуа ажь хкқәа, реиқәырхара ҳаҿуп
Ажь аҿыхра иалагоит цәыббрамза алагамҭазы, ихдыркәшоит жьҭаарамза анҵәамҭазы. Аусуҩцәа ашҭаҟны еицҿакны аус руеит:
"Иааидкыланы аусуҩцәа рхыԥхьаӡара 200-ҩык рҟынӡа инаӡоит. Аус зуа 80 процент аҭыԥантәи ауаа роуп, уи уеигәырӷьаратәы иҟоуп",, - ҳәа иҳәоит Аӡынба.
Ахеилак иҭнажьуеит еиуеиԥшым аҩхқәа: Лыхны, Ԥсоу, Чегем, Радеда, Ашҭа Лаша, Гәымсҭа Ашҭа, Диоскуриа, Анаҟәаԥиа, Ԥсоу уҳәа.
"Ҽаҩрала "Алигате" захьӡу ажьхкы ари адгьыл даара ианаалоит, уаҳа ажьҭрақәа рҟны иҟаӡам. Хаҭабзиарала иҟоу ажьхкқәа иреиуоуп Савинион Блан, Шадане, Птемин Сан, Траминер ҳәа иҟоу ажьхкқәа. Аха аахәаҩцәа еиҳа аҩы "Лыхны" иазҿлымҳауп, еиҳа иаархәогьы иароуп", - ҳәа иҳәоит Иури Аӡынба.
Абжьеи, аӡахәабӷьы: аҩы хәшәык аҳасабала жәлар рмедицинаҟны ахархәара шамоу
Аилахәыра "Аԥсны аҩқәеи аӡқәеи" 1924 шықәсазы иаԥҵан. Акыршықәса шҵуагьы, еиуеиԥшым аиҭакрақәа шаныԥшызгьы, азауад иҭнажьуа аҩхкқәа рыхьыӡқәеи, атрадициатә хаҭабзиареи еиқәырханы иахьа уажәраанӡа иааргоит.