Арадио

Аҩӡба Цәкәара аӡырԥхақәа рахь сынтәа инеиз рхыԥхьаӡаразы: ас иаҭаалар, аиҵыҵра ҟалон

Приморское ақыҭан иҟоу аӡырԥха сынтәа иаднакылаз рацәаҩума, иҟоума есышықәса ибжьазмыжьуа еснагьтәи аҭааҩцәа? Абарҭқәа ртәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит "Цәкәаратәи аӡырԥхақәа" аиҳабы Руслан Аҩӡба.
Sputnik
Ҳтәыла аԥсабара аԥшӡареи аҳауа ацқьареи анаҩсангьы иҟоуп ауаҩы игәабзиара иацхраауа атермалтә ӡхыҵхырҭақәа. Аԥсны урт рхыԥхьаӡара наӡоит 30 рҟынӡа.
"Сынтәа Аԥсны иаҭааз рацәаҩуп. Ус есымша иаауазҭгьы, иахьабалакгьы аиҵыҵра ҟалон аҳәынҭқарраҟны. Хаҭала ҳа ҳтәы уҳәозар, ара аус зуа ауалафахәы ируҭо ианыԥшуеит. Аԥхьаҟа угәы иҭоу азы аихьӡара уоуеит, акы ацҵара, арԥшӡаразы. Атермалтә ӡқәа рзы Очамчыра аганахьала аӡныхтә бзианы иҟоуп. Ҳара ҳҟны имаҷуп, аӡҭачқәа иаҳа еиҵыхны иҟауҵоит ҳәа уалагар, аӡы ҳазхаӡом. Иара иҟоу иҵегьы ирԥшӡазар, ауаа иаҳа ирҽеины рыдкылара аума, иаҳа уеиҿнакаауеит, инахәаԥш-аахәаԥшуагьы ргәы иахәоит", - иҳәеит Аҩӡба.
Аицәажәара иаҳа инарҭбааны аудиофаил аҟны ишәаҳар шәылшоит.