"1931 шықәса жьҭаара 15 рзы Аԥсны раԥхьаӡа араионқәа рҟынтәи Гәдоуҭа иҭыҵит араионтә газеҭ "Бзыԥ" актәи аномер. Усҟантәи аамҭазы Аԥсны еиҳараӡак имҩаԥысуаз аколнхарақәа реиҿкаара акәын. Убри аҟынтәи иахьӡырҵеит "Аилахәынхаразы" ҳәа. Шықәсык ааҵуаны агазеҭ ахьӡ рыԥсахит "Бзыԥ Ҟаԥшь" ҳәа. Усҟан араион аҟны ауаа аинформациа рызҭоз иара акзаҵәык акәын, убри аҟынтәи иаразнак ирылаҵәеит, ахыԥшагьы шьҭыҵит. Еиҳараӡак агазеҭ аҵакы анышьҭыҵ Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаан ауп… Уи ашьҭахь аамҭала аусура аанкылан, аха 1965 шықәсазы ҿыц аҭыҵра иалагеит. Уи аахыижьҭеи агаӡеҭ "Бзыԥ" зныкгьы еиԥымҟьаӡакәа иҭыҵуеит иахьанӡа", - иҳәеит Гәбаз.
Иаҳа инарҭбаау аицәажәара аудиофаил аҟны.