Урыстәыла ицәырҵыр ҟалоит ахәыҷқәа рзы алаҵа

Ԥхынгәымзазы Москва иалагеит 12-17 зхыҵуа ахбыџқәа рзы алаҵа аԥышәара.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 16 – Sputnik. Ахәыҷқәа ирыларҵуа акоронавирус азы алаҵа, Гамалеи ихьӡ зху Ацентр аҟны иаздырхиаз хьӡыс иаиур ҟалоит "Спутник М", ҳәа иҳәеит ацентр адиректор Александр Гинцбург РИА Новости аҟны.

"Хымԥада ахьӡ "Спутник" ус ахаҭа ишыҟоу иаанҳажьыр ауеит, "М" - уи ахәыҷқәа ишрызку арҵабыргуеит", - иҳәеит иара.

Алаҵа 12-17 зхыҵуа ахбыџқәа рзы аԥышәарақәа ирылагеит Москва ԥхынгәымзазы. Ахәыҷқәа "Спутник V" рыларҵуеит иаҳа азага маҷны. Цәыббрамза анҵәамҭазы Гамалеи ихьӡ зху ацентр Урыстәыла агәабзиарахьчарахь инанашьҭит ари алаҵа ашәҟәы иҭаргаларц.
Гинцбург: "Спутник Лайт" COVID-19 аҟынтә фымзынӡа уахьчар ҟалоит