Апандемиа ҟалеижьҭеи Урыстәыла COVID-19 захьыз рхыԥхьаӡара акыр еизҳаит

Апандемиа ааҟалазар аахыс раԥхьаӡа акәны, уахыки-ҽнаки рыла  Урыстәыла акоронавирус зыхьыз рхыԥхьаӡара 34 нызқь рҟынӡа инаӡеит.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 17 – Sputnik. Ԥшьымш раахыс Урыстәыла аҿкчымазара зыхьуа рхыԥхьаӡара еиҳа-еиҳа аизҳара иаҿуп, ҳәа аанацҳауеит РИА Новости аоперативтә штаб адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.
"Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла Урыстәыла 85 регион рыҟны ишьақәыргылоуп 34 нызқьи 303 - ҩык аҿкчымазара шрыхьыз", - ҳәа аанацҳауеит аоперштаб.
Уи аламҭалаз ашәҟәы иҭаргалахьан аҿкчымазара змаз 33 208 - ҩык. Ирласны еизҳауеит ачымазара зыхьуа рхыԥхьаӡара - 0,42% инаркны 0,43% рҟынӡа. Урыстәыла апандемиа ааҟалеижьҭеи акоронавирус рыхьхьеит 7 992 687 - ҩык.
Уахыки-ҽнаки рыла рыԥсҭазаара иалҵит 997 - ҩык ачымазҩцәа, иааидкылан рыԥсҭазаара иалҵхьеит 223 312 - ҩык.
Ргәабзиара шьақәыргыланы ахәшәтәырҭа иҭыҵит 18 717 - ҩык, иааидкыланы ргәабзиара шьақәгылахьеит 7 000 624 - ҩык.
Агәабзиарахьчара аминистрра COVID-19 ахәшәтәразы иҭаҵәахыу ахәшәқәа ртәы ирзааҭгылеит
Адунеи зегь аҟны ААЕ адыррақәа рыла, аҿкчымазара змоу рхыԥхьаӡара 239 миллиони 400 нызқь-ҩык ыҟоуп, 4 миллионки 800 нызқь-ҩык рҟынӡа рыԥсҭазаара иалҵхьеит. Аҭагылазаашьа зегь реиҳа ибааԥсуп Америка, Индиа, Бразилиа, Британиа ду. Урыстәыла акәзар ахәбатәи аҭыԥаҿ игылоуп.