Аԥсны агәҭылса: Риҵатәи амилаҭтә парк

Риҵатәи амилаҭтә ареликттә парк еиҿкаан жьҭаара 17, 1996 шықәсазы аҳәырԥсарра шьаҭас иаҭаны.
Sputnik
Аӡиа Риҵа шьақәгылеит 400 шықәса раԥхьа иҟалаз адгьылҵасра иабзоураны. Иара шьҭоуп амшын аҟынтәи 950 метра аҳаракыраҿ. Риҵатәи амилаҭтә ареликтә парк ахь аӡиа Риҵа адагьы иаҵанакуеит аӡиа Иаҵәа, Гегатәи аӡхыҽҽа, Риҵа Маҷ, аӡиа Мзы, Ауадҳара аԥшаҳәаҿы иҟоу аӡцәыцәы, аӡиасқәа Бзыҧ, Гега, Ҩыԥсара реиҩхаа ҭшәақәа.
Риҵатәи апарк ӡынгьы ԥхынгьы асасцәа рацәҩны иаҭаауеит. Аҭыԥантәи ауааԥсыра ракәзар Аԥсны аҭыԥқәа иреиӷьаршьоит.
Риҵатәи амилаҭтә парк 30-тәи ашықәсқәа инадыркны 20-тәи ашәышықәса анҵәамҭанӡа иҳәырԥсарран. Апарк 390 километр ԥшьыркца амҽханакуеит, Урыстәылатәи Афедерациа Аахыц Кавказ амилаҭтә паркқәеи аҳәырԥсаррақәеи Рассоциациа иалоуп.
Аӡиа Риҵа – Кавказ иҟоу аӡиа ԥшӡақәа ируакуп. Уи ақәыԥшылара амҽхак 1.27 метр ԥшьыркца артәоит. Аура – 2490 инаӡоит, аҭбаара – 270 инаркны 870 метра рҟынӡа ыҟоуп. Уи 116 метра аҵаулара амоуп.
Аҳәырԥсарра аԥстәқәа рылагьы ибеиоуп. Араҟа иҟоуп – амшә, абгахәыҷы, абынҳәа, ашьабсҭа, аҽацә, уҳәа, иҟоуп даҽаџьара иуԥымло аԥсаатәгьы. Аӡиасқәеи аӡиақәеи беиоуп акалмаҳала. Ашәаԥыџьаԥ акәзар иазҳауеит хкы рацәала, иҟоуп ашә, аџь,ахьаца уҳәа егьырҭгьы.
1 / 17

Жьҭаара 17, 1996 шықәсазы аҳәырԥсарра шьаҭас иаҭаны, еиҿкаан Риҵатәи амилаҭтә ареликттә парк.

2 / 17

Апарк аҭаларҭаҟны агәаҭара-аушьҭратә ҭыԥ ыҟоуп.

3 / 17

Ари иблахгыгоу аҭыԥ 390 километр ԥшьыркца амҽханакуеит.

4 / 17

Риҵатәи амилаҭтә парк 30-тәи ашықәсқәа инадыркны 20-тәи ашәышықәса анҵәамҭанӡа иҳәырԥсарран.

5 / 17

Араҟа аԥсабара даара иршанхагоуп.

6 / 17

Ҳашьхаҭыԥқәа ирҭаауа аԥсшьаҩцәагьы рацәаҩуп.

7 / 17

Амилаҭтә парк аԥсабарасахьа.

8 / 17

Аҭыԥантәи анхацәа есԥхынра рырахә Ауадҳара ихарцалоит.

9 / 17

Аԥсабара беиоуп еиуеиԥшым аҵиаа хкқәа рыла, иҟоуп араада џьаргьы иуԥымлогьы.

10 / 17

1. Ацакьа дуқәа иргәылган Риҵаҟа инагоу амҩа.

11 / 17

Аԥсабара зырбеио аӡхыҽҽақәа.

12 / 17

Унацәа хнаҵәартә еиԥш ихьшәашәоу Бзыԥ аӡиас.

13 / 17

Асасцәеи аԥшәмацәеи бзиа еицырбо аӡиа Риҵа.

14 / 17

Риҵа ишаҭааз дырҵабыргуеит афотоҭыхымҭала.

15 / 17

Есышықәса амилаҭтә парк иаҭаауеит шәнызқь-ҩыла асасцәа.

16 / 17

Ааигәа аӡиа Риҵа ихырҵеит аԥсуа еибашьыга шхәа.

17 / 17

Аӡиа Риҵа шьақәгылеит 400 шықәса раԥхьа иҟалаз адгьылҵасра иабзоураны. Иара шьҭоуп амшын аҟынтәи 950 метра аҳаракыраҿ.