Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Гәымԥҳа Ԥсҳәы анхацәа рыԥсҭазаашьа иазкны

Аԥсуа телехәаԥшра адырраҭара "Аԥсы ҭоуп ҳара ҳхәышҭаара" амҩаԥгаҩцәа рҭыхрақәа мҩаԥыргон Ԥсҳәы ақыҭан. Уаҟа ирбаз ираҳаз атәы, насгьы анхацәа ирыԥсҭазаашьоу атәы арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит ажурналист Ҳамидан Гәымԥҳа.
Sputnik
"Ҳамҩа 2 200 мааҭ агеит, 40 минуҭ рыла ҳаирпланла ақыҭа аҟынӡа ҳнеит. Ари раԥхьатәи сныҟәаран Ԥсҳәыҟа. Избаз даара ацәанырра рацәа сызцәырнагеит. Аҭыԥантәи ауааԥсыра ҳахьрыҿцәажәозгьы гәахара дуун ҳара ҳзы. Анхацәа рнапы злаку аиҳарак арахә ааӡароуп. Иҟоуп ашьхымзақәагьы змоу. Ԥсҳәы иаҭаауеит аԥсшьаҩцәа, дара анхацәа раалыҵ аархәоит. Абасала рхы ныҟәыргоит. Аҭыԥантәи ауааԥсыра иҟоуп ашкол аҿы аус зуа , шьоукы афымцатә станциаҿгьы аус руеит. Аӡынра афымцалашаразы ауадаҩрақәа рымоуп, мчыбжьла, ҩымчыбжьла лашарада иантәоугьы ыҟоуп. Уи зыхҟьогьы ацәаҳәақәа ахьажәу ауп", - ҳәа еиҭалҳәеит Гәымԥҳа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.