"Кәыдрытәи абаа ҳәа изышьҭоу даара сазҿлымҳауп, аха археологиатә ԥшаарақәа ара имҩаԥысуамызт. Иҟоуп аҭҵааҩцәа, археологцәа иахцәажәахьоу. Аибашьра ашьҭахь аурыс- аԥсуа археологцәа аахьан, аплан ҭырххьан, ишьақәдыргылахьан. Уи аԥхьа иҟаҵазгьы алитератураҿгьы иҳааԥшааит. Кәыдрытәи абаа аԥсуа баагәара еиԥшны иаабоит, иаҳҭахын уа иҳауз аматериали ара иҳауа аԥшаахқәеи еиҿҳарԥшырц. Усҟан хыхь-хыхь иԥшааз акыцлых ала 12 -14 ашәышықәсқәа ирыҵыркуа аамҭахь иаҵанакуеит ҳәа азгәаҭақәа ыҟоуп. Аха уи иҵабыргым ҳәа азгәарҭоит аҭҵааҩцәа алитератураҿы. Аԥсуа ҭҵааратә институт есышықәса иҟанаҵо аҭҵааратә усурақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны иазыӡбан ажрақәа Кәыдрытәи аҩхааҿы рымҩаԥгара. Егьырҭ амаӡақәа зегьы иаарласны иҟалараны иҟоу Воронов ихьӡ зху аконференциаҿы иааҳартыр ҳҭахуп, уи алахәылацәа даара аинтерес рызцәырнагараны иҟоуп", - еиҭеиҳәеит Ҟаитан.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.