АТОР: абҵарамзатәи аныҳәамшқәа раан Шәачатәи атуристцәа реиҳараҩык Аԥсныҟа иаар алшоит

Атуристтә џьармыкьа аекспертцәа ишырҳәо ала 2021 шықәса аԥхынтәи асезон инадҳәаланы Аԥсны ахәқәа 15-30% илаҟәит.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 18 - Sputnik. АТОР зызҵааз аекспертцәа реиҳараҩык ргәаанагарала абҵарамзатәи аныҳәамшқәа раан Шәачатәи атуристцәа реиҳараҩык Аԥсныҟа иаар алшоит. Абри атәы аанацҳауеит АТОР асаит.
Мзыз хаданы иҟоу Аԥсныҟа аара аԥҟарақәа Урыстәыла атәылауаа рзы амариароуп. Ара алаҵазы асертификат ма ПЦР-тест иазҵаауам. Краснодартәи атәылаҿацә аҿы акәзар аотель уҩналарц азы арҭ ашәҟәқәа хымԥада иаҭахуп.
Атуроператорцәа реиҳараҩык ргәаанагарала, урыстәылатәи акурортқәа ирҿырԥшны Аԥсны атуристцәа рыдкылашьа инадҳәаланы Шәача, ма Адлер абҵарамзатәи аԥсшьарамшқәа раан аԥсшьара зҭахыз абжьаратәи абиуџьеттәии туристтә сигмент Аԥсныҟа иаар алшоит.
Аԥсны аԥсшьаразы урыстәылаа зегь раасҭа иалырхуа хырхарҭахеит
Атуристтә џьармыкьа аекспертцәа ишырҳәо ала 2021 шықәса аԥхынтәи асезон инадҳәаланы Аԥсны ахәқәа 15-30% илаҟәит.
"Убри аан абҵарамзатәи аныҳәамшқәа раан ара 15-20% ахәқәа еиҳа илаҟәуп Шәача аасҭа" ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла атуроператорцәа рхеидкыла рдыррақәа шьаҭас иганы.