" Анхаҩы иԥхӡаша ахьықәу, адгьыл ахь мышкы зны ҳмыиасыр ауӡом. Адгьыл амаҵ уур - акруҿанаҵоит. Аԥсуаа адгьыл ҳашьцылоуп азы, анхара-нҵыра еилагӡатәуп. Ажәытәан аԥсуа хаҵа данырашәозгьы иабџьар иганаҿы ишьҭан. Иԥсадгьылгьы ихьчон, инхарагьы аӷьараҳәа ыҟан", - ҳәа азгәеиҭеит Лагәлаа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи уаҵәтәи аԥеиԥши иацу адоуҳаи, иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.