Афбатәи акласс аҵаҩы Пермтәи атәылаҿацә ашколқәа руак дыҩнахысит

Пермтәи атәылаҿацә ашколқәа руак аҿы зықәра наӡам ашколхәыҷ аҭӡи адашьмеи рахь ирханы ҩынтә дхысит.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 18 - Sputnik. Жәаҩа шықәса зхыҵуаз аиланхарҭа Сарс аҟынтәи ашколхәыҷ "Сайга" ашкол ахь инеигеит, дагьалахысит ҳәа аанацҳаит РИА Новости.
Ахысыбжь заҳаз аҵаҩцәа ауадақәа рҿы рҽырҵәахит. Аӡәгьы ааха имоуит.
РИА Новости ишаанацҳаз ала , ихысуаз ахәыҷы иабџьар имихит ашкол адиректор.
Уажәы иара даанкылоуп. Амилициа иҭырҵаауеит ахәыҷы абџьар ахьынтәааигази иҟаиҵаз зыҟаиҵази.
Ашкол аҿы аҵаратә процесс аанкылоуп.
Сарс араион арегион аладатәи акалҭ иатәуп, 26 000 рҟынӡа ауааԥсыра нхоит.