"Ақыҭаҿы иааҳрыхуеит-араса, аԥш, амочалка, акьынтыр. Амочалка нырцә Қырҭтәылаҟа иргоит Урыстәылаҟагьы изго дыҟоуп. Ақыҭаҿы иара аазрыхуа даара имаҷуп, избанзар, иара иацу акәамаҵамарақәа рацәоуп. Аӡәӡәара, арашәара уҳәа имариам, аха иҟоуп жәытә-натә аахыс иаазрыхуа. Цырак 10-20 мааҭ, изҭиуеи иаазхәеи шеицәажәо еиԥш ахәгьы ақәырҵоит. Амандарин ақыҭаҿы иаҳзаарыхӡом, избанзар адгьыл цәаакуп, иара арасагьы аџьабаа адумбалар, рацәак аура унаҭаӡом", - иҳәеит Гамгьиа.
Риаԥ ақыҭа ахада сынтәатәи аҽаҩра зеиԥшроу атәы иҳәеит, уи аан иагьазгәеиҭеит амхырҭақәа аԥхасҭа рызҭаз ахәаҷа шыҟоу.