Шәача аԥшатлакәқәа ҟалар ауеит ҳәа агәҽанҵара ҟаҵоуп

Аметеорологцәа агәҽанҵара ҟарҵоит амчыбжь алагамҭазы Амшын еиқәа иахьаҵанакуа аԥшатлакә цәырҵыр ҟалоит ҳәа.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 18 – Sputnik. Жьҭаара 19 рҟынӡа Шәача, Магри-Веселое иахьаҵанакуа аԥшатлакәқәа ҟалар ауеит ҳәа агәҽанҵара ҟаҵоуп ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Урыстәыла АҶА Краснодартәи атәылаҿацә аҿтәи ахәҭа адыррала.

" Росгидромет адыррақәа рыла жьҭаара 18-19 рзы Шәача, Магри-Веселое иаԥну Амшын еиқәа иахьаҵанакуа аԥшатлакәқәа ҟалар ауеит", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Жьҭаара алагамҭазы Шәача илеиз ақәаршҩы ӷәӷәақәа аиланхарҭа Сергеи-Поле аҿы 20 коттедџь ықәыргеит адгьылҳәазара иахырҟьаны.