Шәача авариа ахьыҟалаз аҭыԥ аҿы амашьынақәа рныҟәара еиҭахацыркуп

Афедералтә трасса А-147 Џьубга – Шәача аҿы атранспорт аныҟәара аанкылан амҩатә машәыр иақәшәаз агазмҩангага тҟәацыр ҳәа иҟаз ашәарҭара иахҟьаны.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 18 - Sputnik. Афедералтә трасса А-147 Џьубга – Шәача авариа ахьыҟалаз аҭыԥ аҿы амашьына рныҟәара еиҭахацыркуп ҳәа аанацҳауеит "Кубанские новости".
"Амҩатә ныҟәара еиҭашьақәыргылоуп", ҳәа аарыцҳауеит атәылаҿацә аҿтәи ГИБДД апропаганда Аусбарҭаҟынтә.
Амҩатә машәыр ахьыҟалаз аҭыԥ ахь инеит ақалақь авариатә маҵзурақәа. Ашәарҭадаразы 100 метрак иахьаҵанакуаз иҭахкаан. Уажәазы агазмҩангага ҭацәны ақалақь ахь амҩа иқәуп. Ишәарҭоу аҭагылазаашьа аԥыхуп ҳәа рҳәеит Шәача ақалақь ахадара апресс-маҵзураҿы.
Амкьаҭ ахаҭа амҩа аганаҿ игылоуп, уи аныҟәара иаԥырхагам.
Афедералтә трасса А-147 Шәача-Џьубга амҩахәҭаҿ атранспорт рныҟәара аанкылан агазмҩангагеи амашьына ласи ахьеиҿасыз иахҟьаны. Амкьаҭ агерметизациа ацәыӡит, уи иахҟьаны агазмҩангага ԥжәар ауеит ҳәа аҳәон уаанӡатәи адырраҭараҿы.
Шәача-Џьубга амҩахәҭаҿ амашьынақәа рныҟәара аанкылоуп агазмҩангага авариа иахҟьаны