Археолог аиҿцәажәара хацыркуа Иури Воронов ҵарауаҩык иаҳасабала ихаҭара атәы далацәажәеит, милаҭла иаурысыз аԥсуаа рзы ихы-иԥсы зиҭиуаз азы игәаанагара атәы иҳәеит.
"Иури Воронов иусумҭақәа хә-томк акьыԥхь рбахьеит, афбатәи- аконференциа иахьырыгӡар рҭахын. Иаауа аҵарауаа маҷым, зықәрахь инеихьоу ракәзар, онлаин аконференциа иалахәхоит. Уи анаҩс Амилаҭтә библиотекаҿы иаазгәаҭоуп иаарту афотоцәыргақәҵа", - иҳәеит Џьопуа.