АҞӘА, жьҭаара 20 - Sputnik. Ҟарачы-Черкесск адинтә екстремисттә еиҿкаара "Ат-Такфир Валь-Хиджра" агәыԥ аусура аԥырҟәҟәаауп, аанацҳауеит РИА Новости "МВД Медиа" асаит адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.
"Иаанкылоуп Ҟарачы-Черқьесск инхо хәҩык аекстремисттә еиҿкаара алахәылацәа", - аҳәоит асаит аҿы.
2018 шықәсазы аекстремистцәа рҽеидыркылеит жәларбжьаратәи аидгыла "Ат-Такфир Валь-Хиджра" аидеологиа шьаҭас иҟаҵаны, анаҩс иара аусура иалахәын.
"Агәыԥ алахәылацәа арадикалтә ԥсылманра аидеологиа аладырҵәон. Ауаа ршәаны рмаҵзурақәа аанрыжьырц рыдҵо, Нхыҵ Кавказ ашариат форма змоу анапхгара аԥҵара рҽазыршәон", - аҩуеит РИА Новости.
Ашьаус хацыркуп Урыстәыла АЗ ахәҭаҷ 282.2, ахәҭа 2 ("Аекстремисттә еиҿкаара аԥҵара"), иара убас ахәҭаҷ 222, ахәҭа 1 ("Абџьар, аџьаԥҳаны, урҭ рыхәҭақәа закәаншьаҭада раахәара, рыҭира, рыҵәахра, рымҩангара, рныҟәгара) инарықәыршәаны.