Анхарҭа коммуналтә усбарҭа ахықәкы хадақәа иреиуоуп ауаа нхарҭас иалырхыз аҭыԥ аҿы ихымԥадатәиу алшарақәа рыҭара, рырманшәалара. Убри аан дарбанзаалакгьы иуалуп аҳәынҭкарра иднаҵо ашәахтәкәа ралаглара. Уи иахьԥшуп анаҩс иара фымцалашарала, ӡыла, уҳәа еиқәыршәара.
"Акоммуналтә шәхтәқәа иахьа Аҟәа иҳаму агәыларатә ҳәынҭқарра ду аҟны иҟоу ирҿурԥшуазар, уаҟа мызкы 5-6 нызқь ирызтәозар, ҳара ҳҟны х-уадак змоу аҩнеихагылаҟны инхо 1500-2000 мааҭ изтәоит шықәсык. Ус ишыҟоугьы ашәахтәқәа ршәара рҭахым ауаа. Иҟоуп излымшо, иахьынӡаҳалшо ҳарзыԥшуеит. Иҟоуп шықәсык-ҩышықәса, жәашықәса аԥара зқәу. Џьоукы изхыршәаараны иҟоу ҳәа ԥхьаӡаны иршәом, даҽа џьоукы иаашьаны. Еихагылак аҟны 40 процент роуп изшәо. Акоммуналтә нхамҩаҟны ауадаҩрақәа рацәаны иҟоуп. Ауаа ирҭахуп аҩнқәа аӡы рыҵамзар, фымцалашарала ишахәҭоу еиқәшәазарц, аха ашәахтәқәа ршәара рҭахым", - иҳәеит Матуа.
Тҟәарчал араион ахадара анхарҭа коммуналтә усбарҭаҟны иҟоу уадаҩрас далацәажәеит уи анџьныр хада Қеҭо Харчлаа, дазааҭгылеит хылаԥшрада иҟоу ауадақәа рызҵаара иахьазы знеишьас иамоу атәы.