https://sputnik-abkhazia.info/20211020/khra-zlou-akhysa-matuei-kharchlaaai-akommunalt-sharaa-iryzkny-1035990379.html
Хра злоу ахҭысқәа: Матуеи Харчлааԥҳаи акоммуналтә шәарақәа ирызкны
Хра злоу ахҭысқәа: Матуеи Харчлааԥҳаи акоммуналтә шәарақәа ирызкны
Sputnik Аҧсны
Акоммуналтә усбарҭақәа ирымоу ауадаҩрақәа, ашәахтәқәа ралагаларазы аҭагылазаашьа зеиԥшроу арадио Sputnik аефир аҟны еиҭарҳәеит Аҟәа ақалақь ахадара ахԥатәи... 20.10.2021, Sputnik Аҧсны
2021-10-20T18:22+0300
2021-10-20T18:22+0300
2021-10-20T18:22+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
хра злоу ахҭысқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/0a/14/1035990226_0:0:3640:2048_1920x0_80_0_0_30b38e705e69e907402e6d07c7bac431.jpg
Хра злоу ахҭысқәа: Матуеи Харчлааԥҳаи акоммуналтә шәарақәа ирызкны
Sputnik Аҧсны
Хра злоу ахҭысқәа: Матуеи Харчлааԥҳаи акоммуналтә шәарақәа ирызкны
Анхарҭа коммуналтә усбарҭа ахықәкы хадақәа иреиуоуп ауаа нхарҭас иалырхыз аҭыԥ аҿы ихымԥадатәиу алшарақәа рыҭара, рырманшәалара. Убри аан дарбанзаалакгьы иуалуп аҳәынҭкарра иднаҵо ашәахтәкәа ралаглара. Уи иахьԥшуп анаҩс иара фымцалашарала, ӡыла, уҳәа еиқәыршәара."Акоммуналтә шәхтәқәа иахьа Аҟәа иҳаму агәыларатә ҳәынҭқарра ду аҟны иҟоу ирҿурԥшуазар, уаҟа мызкы 5-6 нызқь ирызтәозар, ҳара ҳҟны х-уадак змоу аҩнеихагылаҟны инхо 1500-2000 мааҭ изтәоит шықәсык. Ус ишыҟоугьы ашәахтәқәа ршәара рҭахым ауаа. Иҟоуп излымшо, иахьынӡаҳалшо ҳарзыԥшуеит. Иҟоуп шықәсык-ҩышықәса, жәашықәса аԥара зқәу. Џьоукы изхыршәаараны иҟоу ҳәа ԥхьаӡаны иршәом, даҽа џьоукы иаашьаны. Еихагылак аҟны 40 процент роуп изшәо. Акоммуналтә нхамҩаҟны ауадаҩрақәа рацәаны иҟоуп. Ауаа ирҭахуп аҩнқәа аӡы рыҵамзар, фымцалашарала ишахәҭоу еиқәшәазарц, аха ашәахтәқәа ршәара рҭахым", - иҳәеит Матуа.Тҟәарчал араион ахадара анхарҭа коммуналтә усбарҭаҟны иҟоу уадаҩрас далацәажәеит уи анџьныр хада Қеҭо Харчлаа, дазааҭгылеит хылаԥшрада иҟоу ауадақәа рызҵаара иахьазы знеишьас иамоу атәы.
аԥсны
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2021
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/0a/14/1035990226_643:0:3374:2048_1920x0_80_0_0_85df8700b2648a4a187604e824441ec6.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, аудио, хра злоу ахҭысқәа
аԥсны, аподкаст, аудио, хра злоу ахҭысқәа
Хра злоу ахҭысқәа: Матуеи Харчлааԥҳаи акоммуналтә шәарақәа ирызкны
Акоммуналтә усбарҭақәа ирымоу ауадаҩрақәа, ашәахтәқәа ралагаларазы аҭагылазаашьа зеиԥшроу арадио Sputnik аефир аҟны еиҭарҳәеит Аҟәа ақалақь ахадара ахԥатәи аҩнусбарҭа аиҳабы Асҭамыр Матуеи, Тҟәарчал араион ахадара анхарҭа коммуналтә усбарҭа анџьныр хада Қеҭо Харчлааи.
Анхарҭа коммуналтә усбарҭа ахықәкы хадақәа иреиуоуп ауаа нхарҭас иалырхыз аҭыԥ аҿы ихымԥадатәиу алшарақәа рыҭара, рырманшәалара. Убри аан дарбанзаалакгьы иуалуп аҳәынҭкарра иднаҵо ашәахтәкәа ралаглара. Уи иахьԥшуп анаҩс иара фымцалашарала, ӡыла, уҳәа еиқәыршәара.
"Акоммуналтә шәхтәқәа иахьа Аҟәа иҳаму агәыларатә ҳәынҭқарра ду аҟны иҟоу ирҿурԥшуазар, уаҟа мызкы 5-6 нызқь ирызтәозар, ҳара ҳҟны х-уадак змоу аҩнеихагылаҟны инхо 1500-2000 мааҭ изтәоит шықәсык. Ус ишыҟоугьы ашәахтәқәа ршәара рҭахым ауаа. Иҟоуп излымшо, иахьынӡаҳалшо ҳарзыԥшуеит. Иҟоуп шықәсык-ҩышықәса, жәашықәса аԥара зқәу. Џьоукы изхыршәаараны иҟоу ҳәа ԥхьаӡаны иршәом, даҽа џьоукы иаашьаны. Еихагылак аҟны 40 процент роуп изшәо. Акоммуналтә нхамҩаҟны ауадаҩрақәа рацәаны иҟоуп. Ауаа ирҭахуп аҩнқәа аӡы рыҵамзар, фымцалашарала ишахәҭоу еиқәшәазарц, аха ашәахтәқәа ршәара рҭахым", - иҳәеит Матуа.
Тҟәарчал араион ахадара анхарҭа коммуналтә усбарҭаҟны иҟоу уадаҩрас далацәажәеит уи анџьныр хада Қеҭо Харчлаа, дазааҭгылеит хылаԥшрада иҟоу ауадақәа рызҵаара иахьазы знеишьас иамоу атәы.