Арадио

Кәарҷиа адепутатцәа Черкесскҟа рцаразы: шаҟа уеибабо ааҟара агәыбылрагьы ҟалоит

Аԥсны Жәлар Реизара аделегациа Ҟарачы – Черқьессиатәи ареспубликаҟны идикылеит апарламент ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Дагир Смакуев.
Sputnik
" …Ибзианы ҳрыдыркылеит. Аиқәшаҳаҭра ҳабжьаҳҵарц ауп. Уи иаҵанакуеит азакәанԥҵараҟны аԥышәеимдара, аусеицура. Иҟоуп иаҳзеиԥшу азҵаарақәа. Иаагозар, ҳабжьара амҩа аҟаҵара. Акыр шықәса ҵуеит ари азҵаара ықәгылоижьҭеи. Араҟа иҟоуп ҳашьцәа абазақәа, ажәакала, еибаҳҳәаша маҷӡам. Аратәи аҭҵааратә институт аҟынтәи сколлегацәа ирҭаххеит сусумҭақәа рӡыргара мҩаԥгазарц, избанзар дара абазақәеи ҳареи еицаҳзеиԥшуп. Аиԥылара мҩаԥгахоит Ԥсыж ақыҭаҟны, аинститут аусзуҩцәеи аинтеллегенциа ахаҭарнакцәеи уахь инаԥхьаны. Аԥсны аибашьра иалахәыз аветеранцәеи ҳареи ҳаиԥылоит, урҭи ҳареи ҳаибамбакәа араантәи ҳцаӡом", - иҳәеит Кәарҷиа.
Шәазыӡырҩы аудио.