"Ибзианы иаҳхаҳгеит ҳәа сгәы иаангоит (акурорттә аамҭазы –азгәаҭа), ӡыла еиқәҳаршәон. Сынтәа еиԥш аԥсшьаҩцәа рацәаҩны иҟамлацызт. Ҳаргьы излаҳалшоз ала уахгьы-ҽынгьы ҳмыцәаӡакәа аӡы азын ицәырҵуаз ауадаҩрақәа ҳаӡбон. Амала "Кемпинг" ззырҳәо аҳаблаҟны инхо ӡыла реиқәыршәараҟны аиԥҟьарақәа ҳауан, алашара есуха сааҭла арцәара иахҟьаны аӡеизакырҭа иахьынӡахәҭаз иҭәуамызт. Убри аҟынтәи ираҳҭашаз аӡы ҳазхомызт. Ақалақь ахадара иаҳзаархәеит аӡхагалагақәа, акы ԥхасҭахар иаразнак иаҿаҳкыртә, ауаа ӡыда иаанҳмыжьит", - иҳәеит Агрба.
Иара иажәақәа рыла Гагра Адыгаа рымҩаду аҟны инхо ӡыла реиқәыршәаразы иахьазы Аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуа аусурақәа ирыбзоураны, ауадаҩрақәа ӡбахоит.
Шәазыӡырҩы аудио.