Арадио

Анқәаб еиҭеиҳәеит Аҟәа аӡымҩангагақәа зегьы рыԥсахразы шаҟа аамҭа аҭаххо

Аҳҭнықалақь аҟны аӡымҩангагақәа шаҟа ԥсаху, иажәхьоу зегьы ҿыцны рышьҭаҵаразы шаҟа аамҭа аҭаххо, анаплакы аусзуҩцәа уадаҩрас ирызцәырҵуа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Аҟәатәи "Аӡыканал" анџьныр хада Мераб Анқәаб.
Sputnik
Иааизакны идуу ихәыҷу аӡымҩангагатә цәаҳәақәа 500 нызқь километра инарзынаԥшуеит аҳҭнықалақь аҟны, иахьазы жәабаҟа процент роуп иԥсаху, иҳәеит Мераб Анқәаб. Аҟәатәи "Аӡыканал" анџьныр хада игәаанагарала аӡымҩангагақәа зегь рыԥсахра даҽа хәышықәсагьы азымхар алшоит. Ауааԥсыра ракәзар, 11 процент роуп аӡы ахә ахызшәаауа. Шықәсык аӡы азы 400 мааҭ ишәоит аӡәы.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.