Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ахбеи Гәымԥҳаи аӡахәааӡара, ажьҭаара, аҩыҟаҵара атәы

Иарбан ажь хкқәоу Аԥсны ирааӡо, сынтәатәи аҽаҩра ахаҭабзиара, иахьазы ақыҭаҟны анхацәа аҩы иҭарҭәо хадаратәла излырхуа ажь хкы уҳәа, ирылацәажәеит арадио Sputnik аефир аҟны Аҷандара инхо Наазим Ахбеи акорреспондент Наала Гәымԥҳаи.
Sputnik
Аԥсны ажьааӡаара рнапы алакын азқьышықәсақәа раԥхьа ҳашықәсԥхьаӡара ҟалаанӡа ҳәа иԥхьаӡоуп. Уи дыршаҳаҭуеит ҳтәыла иахьаҵанакуа археологцәа ирԥшааз ижәытәӡатәиу абзазаратә маҭәахәқәа.
Аилахәыра "Аԥсны аҩқәеи аӡқәеи" 42 хкы ажь аҳәаанырцәынтәи иааганы иԥыршәеит Гәымсҭа, урҭ рахьынтә 23 хкы анаалеит. Иахьазы аилахәыра Гәымсҭатәи аӡахәаҭраҟны ирааӡо ажьхкқәа, уаҟа илбаз атәы дазааҭгылеит Sputnik акорреспондент Наала Гәымԥҳа, адырраҭара зхы алазырхәыз Аҷандаратәи анхаҩы Наазим Ахба иҳәеит сынтәа ажь аҽаҩра зеиԥшроу, аӡахәа ақыҭаҟны ирымоу аус шадыруло, али амжәеи ирықәу аӡахәа аҷыдарақәа, рыҩнаҭаҟны аҩы шаҟа ҭарҭәо ухәа.
Шәазыӡырҩы аудио.