Акультуратә ҭынхақәа рыхьчаразы, урҭ реиқәырхараз иҿыцу атехнологиакәа радгалара иазку жәларбжьаратәи ацәыргақәҵатә-конференциа аус ауеит Москва.
"Аконференциаҿы ҳара ҳалахуп ауахәамақәа рыхьчареи реиҭашьақәыргылареи иазку асекциа аусура, иара убас, аҭоурыхтә ҳәырԥсаррақәа рҿы абаҟақәа реиқәырхара атехналогиа амҩаԥгашьа. Иҵабыргны, ҳхы иаҳархәаша ыҟоуп, аха иҟоуп анџьныртә усурақәагьы макьана Аԥсны иаҳзыҟамҵо. Иҟоуп ажәытә хаҳә арыцқьара иадҳәалоу амаруга ҿыцқәа, амаҭәар ҿыцқәа, урҭ реилкаара ҳара ҳзы аинтерес аҵоуп. Аӷәы аиқәырхаразы ҿыц иҭыжьу аматериалқәа ахархәара уҳәа, ус имаҷымкәа иҳахәаша аҿыц технологиақәа ыҟоуп. Иаҳҵон еилаҳауа ахыбрақәа рконсервациа аҟаҵашьазы рхы иадырхәо. Иҳаман алшара аҭоурыхтә баҟақәа реиқәырхара аусурақәа знапы алаку рықәгыларақәа рзыӡыҩра", - ҳәа еиҭеиҳәеит Џьопуа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.