Агәабзиарахьчара аминистрра азин ҟанаҵоит ковиди аимҳәеи рзы зныкала алаҵаҟаҵара

"Спутника V" аимҳәа азы алаҵеи, аицҟаҵара мҩаԥган аклиникатә ҭҵаарақәа мҩаԥыргаанӡа.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 23 – Sputnik. Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра акоронавируси аимҳәеи рзы зныкала алаҵаҟаҵара азин ҟарҵоит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости аусбарҭа апресс-маҵзура ашьаҭала.
" Агәабзиарахьчара аминистрра акәшаҳаҭуп аҿкчымазареи аимҳәеи рлаҵақәа аицыҟаҵара",- ҳәа аҳәоит аацҳамҭаҿы.
"Спутник V" аимҳәа азы алаҵеи аицҟаҵараз аклиникатә ҭҵаарақәа мҩаԥыргаанӡа иҟаҵаз агәаҭарақәа рҿы иаарԥшын, аҩлаҵак рыҟны аиммунитет шымлаҟәуа.
Жәамш рыҩнуҵҟа Аԥсныҟа аимҳәазы алаҵа ааргоит
Заанаҵтәи адыррақәа рыла аимҳәаҟынтә Аԥсны ауааԥсыра алаҵа рзыҟаҵара хацыркхоит жьҭаарамза анҵәамҭа абҵарамза алагамҭаз.
Аԥсны акоронавирус азы алаҵа "Спутник Лайт" иалагеит нанҳәамза 10 инаркны. Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, алаҵа ҟарҵахьеит х-нызқьҩык инарзынаԥшуа.