Лана Аԥшьлааԥҳа аиҿцәажәара хацыркуа иазгәалҭеит, аҭыхымҭа аҭел ала ишыҟаҵоу, убри аан илҳәеит, дышфотоҭыхҩым, афотоҭыхга ҷыдагьы шлымам.
"Аицлабра ахықәкы хада аибашьра аветеран иахьатәи ихаҿра, иԥсҭазаашьа, иҭагылазаашьа аарԥшра акәын. Аконкурс атәы ансаҳа, раԥхьа инаргыланы схахьы иааз иара Зураб иоуп. Избанзар, лассы-лассы сеиҳабацәа рҟнытә гәхьаак ацны исаҳауан: "Иара абысҟак аџьабаа ибеит, аха ихы аӡыргара дашьҭам", - ҳәа. Анаҩс, иара ихаҿсахьагьы иҷыдоу фактурак ацуп", - ҳәа еиҭалҳәеит Аԥшьлааԥҳа.
Зураб арадиофир аҿы аибашьра иадҳәалоу игәалашәарақәа ртәы еиҭеиҳәеит, иахьатәи аҭынч ԥсҭазаараҿы инапы злаку дазааҭгылеит.