Арадио

Ҳагба Еиду Амилаҭқәа Рхеилак азы: акритика азыруеит, аха аҭынчра аларҵәаразы ихәарҭоуп

Иахьатәи аамҭаз Еиду Амилаҭқәа Рхеилак инаныгӡо ароль, насгьы избан лассы-лассы еиуеиԥшым аҳәынҭқаррақәа рҟынтә акритика зарҭо, арадио Sputnik аефир аҿы игәаанагара иҳәеит аполитолог Беслан Ҳагба.
Sputnik
Жьҭаара 24, 1945 шықәса рзы адунеизегьтәи аорган аиҿкааразы ауасхыр шьҭазҵаз атәылақәа реиҳараҩык аиқәшаҳаҭра рнапы анаҵарҩы ашьҭахь, аофициалла иаҧҵан Еиду Амилаҭқәа Рхеилак (ООН). ЕидуАмилаҭқәаРхеилак дарбан тәылауаҩызаалакгьы ихдырраҿы ари аиҿкаара имҩаҧнаго усуп – ақәымчра алмыршара, аиҟарара ашьақәыргылара, ауаҩы изинқәа рыхьчара, аҕарра аҧыхра. Мҽхакҭбаала аус уа Еиду Амилаҭқәа Рхеилак ауаатәыҩса арҭ ргәыҕра дуқәа рынагӡараҿы, ацхыраара ҟанаҵоит.
"Еиду Амилаҭқәа реиҿкаара аҵыхәтәаны ирацәаны акритика азыруеит. Аха адунеи аҿы иҟаӡам даҽа еиҿкаарак амилаҭқәа еиҿызкааша. Иара аҩныҵҟа еиҳарак аԥыжәара змоу иӷәӷәоу аҳәынҭқаррақәа роуп, раԥхьаӡа аҽалархәрагьы аԥшьазгаз дара роуп. Асовет Еидгыла, Братаниа Ду, Еиду Америкатәи аштатқәа. Дара еиҿыркааит ашәарҭадаратә хеилак. Урҭ ирыӡбаз ауп адунеи аҿы иаларҵәахо аҭынчра аганахьала, аха уа рыҩныҵҟагьы аимак-аиҿак рацәаны иҟоуп. Лассы-лассы ирҳәоит, ахеилак ареформа азутәуп ҳәа, аха ишԥамҩаԥгатәу, уи зҵаара дууп. Аха инаҵшьны иазгәаҭатәуп, ахеилак зыԥсахша иахьа адунеи жәлар реизыҟазаашьаҿы акгьы ишыҟам. Урҭ имҩаԥырго аусқәа рацәоуп, адунеи аҿы аҭынчра аларҵәаразы", - ҳәа азгәеиҭеит Ҳагба.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.