"Ақыҭа аҿар рыла ихаҭәаалароуп. Анкьа ачаи ҳаман, амандарина, аферма, ауаа рхала рхы ныҟәыргон. Иахьа акгьы ыҟаӡам, ақыҭа иаҭаху зҵаарак аӡбразы ахада мааҭк аԥара ҳамам иҳәоит. Иахьа ауаҩы иҭаххаргьы инеҵыхны бизнеск ихала изеиҿкааӡом. Иҟоуп аҷкәынцәа, зхы еидкыланы ак ҟазҵар зҭаху, урҭ реиԥш иҳамоу ацхыраара рыҭазар, анаҩс урҭ ақыҭа ааныжьны џьаргьы ицомызт", - еиҭеиҳәеит Гогәуа.
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи уаҵәтәи аԥеиԥши иацу адоуҳаи, иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.