Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Кәарҷелиаԥҳаи Миқааԥҳаи аԥсуа бызшәа иазкны

Аԥсуа бызшәа аҭагылазаашьа, уи аҵаразы иахьатәи алшарақәеи иҟаҵатәуи ртәы, арадио Sputnik аефир аҟны ргәаанагара рҳәеит Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистр ихаҭыԥуаҩ Ада Кәарҷелиаԥҳаи англыз бызшәа арҵаҩы, аметодист Гәында Миқааԥҳаи.
Sputnik
Есышықәса жьҭаара 27 рзы Аԥсны иазгәарҭоит аҳәынҭқарратә бызшәа аныҳәамш. Амилаҭқәа рыԥсы ҭоуп рбызшәақәа ыҟанаҵ. Хыԥхьаӡарала имаҷу ажәларқәа рбызшәақәа еснагь ашәарҭара ду иҭагылоуп, иҷыдоу ахылаԥшра, аиҷаҳара, ахӡыӡаара рҭахуп. Абызшәа аиқәырхаразы уи ала уцәажәалароуп, иуаҳалароуп, угәы азыбылуазароуп.
Адунеи аҟны есымчыбжьа бызшәак ԥсуеит ҳәа агәаанагара ыҟоуп. Абызшәақәа, адиалектқәа, ацәажәашьахкқәа адунеи аҟны даараӡа ирацәоуп. Аҵарауаа ишырԥхьаӡо ала иахьазы "зыԥсы ҭоу" абызшәақәа рхыԥхьаӡара 6 нызқьи 800 инарзынаԥшуеит. 90 процент иназынаԥшуа адунеи абызшәақәа рҟынтәи бызшәацыԥхьаӡа издыруа рхыԥхьаӡара 100 нызқьҩык иреиҵоуп, ҳәа адыррақәа ыҟоуп.
Аԥсуа бызшәа иахьатәи аҭагылазаашьа, уи аԥеиԥш, аҵаразы иахьа лшарас иҟоу уҳәа ирызкын арадио Sputnik аицәажәара. Шәазыӡырҩы аудиофаил.