Арадио

Ԥоцхороӷли жәларбжьаратәи арратә ҽазыҟаҵарақәа рзы: тҟәарчалаа реиҿкаашьа џьашьатәын

Аԥсны атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Лизберт Ԥорцхолоӷли ҳтәылаҿы хымш имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи арратә ҵаратә ҽазыҟаҵарақәа рымҩасшьа ахәшьара аиҭеит арадио Sputnik аефир аҿы.
Sputnik
Жәларбжьаратәи арратә ҽазыҟаҵарақәа ирылахәын 500-ҩык рҟынӡа аррамаҵзурауаа Аԥсны, Урыстәыла, Аахыҵ Уаԥстәыла рҟынтәи. Аҽазыҟаҵарақәа хымш имҩаԥысуан, ихыркәшан Ҵабал аҽазыҟаҵарҭаҿы.
"Аҿар рганахьала арратә ҽазыҟаҵарақәа раан ҳалахь еиқәызҵаша ахҭысқәа ҳрыниоит, аха уажәы Тҟәарчал аҿар реиҿкаашьа шыҟаз еиԥш зегьынџьара иҟалар, атәыла ашәарҭадара азҵаара даара иманшәалахоит. Арратә комиссариант аҿы иҟоу зегьы қәыԥшцәоуп, иџьашьатәын урҭ реиҿкаашьа, даара иаҳгәаԥхеит. Иаҵаушьыртә иҟоуп Аахыҵ Уаԥстәыла аҟынтә иааны ишыҟаз иҷыдоу архәҭа. Ас еиԥш ҳаилахәны арратә ҽазыҟаҵара раԥхьаӡа акәны ауп ианымҩаԥгаз. Дара агәра ҳдыргеит ак ааҟалар, ишазыхиоу ацхыраара аҟаҵара, ишҳавагылоу", - ҳәа еиҭеиҳәеит Ԥоцхороӷли.
Аԥсны атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ иҳәеит жәларбжьаратәи арратә ҽазыҟаҵарақәа ари амчыбжь азы аминистрраҿы еилдыргараны ишыҟоу.