Мурашко: 60 нызқьҩык ахәыҷқәа COVID-19 рымоуп

Ииасыз ашықәс иаҿырԥшны COVID-19 ахәыҷқәа рыбжьара акыр иацлеит.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 27 - Sputnik. Урыстәыла аҩнуҵҟа акоронавирустә инфекциа рымоуп 60 000-ҩык ахәыҷқәа, ҳәа аҩуеит РИА Новости Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко иажәақәа шьаҭас иҟаҵаны.
Урыстәыла COVID-19 иахҟьаны иреиҳаӡоу аԥсҭбарақәа азгәарҭеит
"Иахьа ичмазаҩу ахәыҷқәа рҟынтәи 50% рҟны ачымазара аҽунарбоит. Атәылаҿ зынӡа 60 000-ҩык чмазцәоуп", - ҳәа иҳәеит Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко Акоординациатә хеилак апрезидиум аилатәараҿы.
Аминистрра адыррақәа рыла 12-13% ичмазаҩу рҟынтәи 6-17 шықәса рхыҵуеит.
Зынӡа аҳақьымцәа ахылаԥшра рырҭоит 1,335 миллион-ҩык. Мурашко иҳәеит ари ҵыԥх аасҭа ишеиҳау.