"Аҽаҩра ҵыԥх еиҳа еиӷьын, сынтәа иманшәалам. Ахьшәашәарақәа хәыҷык иҟалан, ааԥын ихьшәаны илаҳҵеит аџьықәреи, нас аԥшагьы ақәшәеит, алаԥҟьагьы ҽеишәа ишахәҭаз изыҟамлеит. Абыржәы аҭагалара сахьаҿу избоит алаԥҟьақәа ссоуп. Анхаҩы аџьабаа иадибалои иааирыхуеи еиқәшәом. Иахьа сшахәаԥшуа ала унеины иааухәар еиӷьуп аԥшгьы аԥҳәгьы, аагарҭак умазар", - иҳәеит Қриа.
Аицәажәара иаҳа инарҭабааны аудиофаил аҟны.