Аԥсны

Аԥсны иаԥҵахоит Баграт Шьынқәба ихьӡ зху жәларбжьаратәи афестиваль

Аԥсны Жәлар рпоет Баграт Шьынқәба диит лаҵара 12, 1917 шықәсазы Ҷлоу. 2022 шықәсазы диижьҭеит 105 шықәса ҵуеит.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 28 - Sputnik. Аԥсны акультура аминистрра Баграт Шьынқәба ихьӡ зху жәларбжьаратәи афестиваль аԥҵара ргәы иҭоуп, уажәы ари азҵаара ҳалацәажәоит ҳәа иҳәоит Акультура аминистр Гудиса Агрба.
Гудиса Агрба аинтеллигенциа рхаҭарнакцәа адгаланы Аԥсны Жәлар рпоет, Адыгатәылеи Ҟабарда-Балкариеи Жәлар рышәҟәыҩҩы, Дырмит Гәлиа иаԥхьахә алауреат, "Ахьӡ-Аԥша" I аҩаӡара занашьаз, ауаажәларратәии аҳәынҭқарратәии усзуҩ Баграт Шьынқәба 2022 шықәсазы ииубилеи амҩаԥгаразы ауснагӡатәқәа ирылацәажәеит.
Афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны Акультура аминистрра иазыԥхьагәанаҭоит ауснагӡатәқәа рцикл амҩаԥгара.
Аилацәажәара алахәылацәа еиҭах еиқәшәараны иҟоуп еиҳа инарҭбааны ари аус алацәажәаразы.
Баграт Шьынқәба иҩымҭақәа бзианы ижәдыруама?