2021 шықәса жәымз рыҩныҵҟа Аԥсны иит зықьҩык ахәыҷқәа, 2020 шықәсазы – 1113-ҩык ҳәа аанацҳаит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистра апресс-маҵзура.
Жәаҩык аишьцәеи аиҳәшьцәеи ахьыҟаз аҭаацәа иалҵыз, зхаҭагьы ахәыҷырацәа змоу Арда Берзениа арадио Sputnik дасасын.
"Аԥсынтәыла ииуа даара имаҷуп. Ҳара ҳмилаҭ зламаҷу ала иҵегьы ирманшәалатәуп, ирыцхраатәуп ахәыҷқәа зааӡо аҭаацәарақәа. Иҟоуп, ҳәарада, цхыраарақәак, аха уи азымхошәа збоит. Уажәы еиҿҳарԥшуазар ҳхәыҷра аамҭеи иахьеи, усҟантәи аамҭа иаҳагьы ицәгьан, аха ааӡара даҽакала иҟан…иахьа аибааӡара зыҟам агәыбылра хәыҷык ихарахазшәа збоит. Ахныҟәгара атәы уҳәозар усҟан аиашазы аҽакала иҟан", - иҳәеит Берзениа.