Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Гаруаԥшь Гьечрыԥшь ақыҭа иамоу ауадаҩрақәа ртәы

Гьечрыԥшь ақыҭа ахада инапынҵақәа назыгӡо Аркади Гаруаԥшь арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит ақыҭаҿы иҵарны иқәгылоу ауадаҩрақәеи, анхацәа рхы зланыҟәыргои ртәы.
Sputnik
"Ҳапроблема ду амҩоуп, амҩа ҳамаӡам, ԥшь-километрак рҟынӡа амҩа ҟаҵатәны иҟоуп. Афымцалашарагьы ҳаргәаҟуеит. Аӡы акәзар, анхацәа доусы аӡиасқәа рҿы иржуеит, анаҩс рыҩнаҭақәа рахь инаргои, уи зегьы рхатә харџьала иҟарҵоит. Апроблемақәа зегьы ртәы араион ахада идыруеит. Даараны дыҟоуп игәаиҭарцаз, ацхыраарагьы ҳақәгәыӷуеит. Еиҳарак иаҳҭаху амҩоуп, зынӡа изымныҟәо иҟоуп", - еиҭеиҳәеит Гаруаԥшь.
Гьечрыԥшь ақыҭа ахада инапынҵақәа назыгӡо иҳәеит анхацәа иахьазы иаадрыхуа, рхы зланыҟәырго атәы.