Аԥсны

Аԥсны акоронавирус рыдырбалеит даҽа 110-ҩык, ҩыџьа рыԥсҭазаара иалҵит

Аԥсны ачымазараҿкы зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 31448-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахеит 26512-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵит 456-ҩык.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 29 - Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 азы атестқәа арҭеит 488-ҩык Аԥсны ауааԥсыра, урҭ рахьтә 110-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит.
Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы рыԥсҭазаара иалҵит аҿкы зыдбалаз 75 шықәсеи 73 шықәсеи зхыҵуаз ҩыџьа аҳәса.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 78-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 28-ҩык, ибжьаратәуп - 33-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 38-ҩык, урҭ рахьтә жәааҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 21-ы, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 32-ҩык, урҭ рахьтә фҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы - 11-ҩык ачымазаҩцәа шьҭоуп. Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь аҿы - 103-ҩык, 12-ҩык рҭагылазаашьа хьанҭоуп.