Аԥсны

Атуроператор: Аԥсни Краснодари абҵарамзатәи аныҳәақәа раан аԥсшьаҩцәа рацәаҩхоит

Аԥсшьарамшқәа раан атурқәа рзеиԥш ԥхьаӡара 20% иҟоуп ҳәа азгәанаҭоит АТОР.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 29 – Sputnik. Аԥсни Краснодартәи атәылаҿацәа рҿы абҵарамзатәи аныҳәақәа раан аԥсшьаҩцәа рацәаҩхоит, иҳәеит атуроператор "Дельфин" адиректор хада Сергеи Ромашкин. Абри атәы аанацҳауеит амаҵзура Прайм.
"Аҽеиҭанакит аструктура: ҩ-регионк ирылшеит атуристцәа рыдыԥхьалара: Краснодартәи атәылаҿацә –20%, Аԥсны – 30% ", - иҳәеит иара.
Урыстәыла атуроператорцәа рассоциациа (АТОР) анагӡаратә директор Маиа Ломиӡе ишылҳәо ала Ҟрым, Калининград, Санкт-Петербург шьҭахьҟа инхеит.
Урыстәыла жьҭаара 30 - абҵара 7 рзы усуратә мшқәамкәа ирылаҳәоуп акоронавирус алаҵәара ду азы. Убри аан аҭагылазаашьа иаҿырԥшны арегионқәа рнапхгаҩцәа урҭ ирыцырҵар ма заа иаларгалар ауеит.
АТОР: абҵарамзатәи аныҳәамшқәа раан Шәачатәи атуристцәа реиҳараҩык Аԥсныҟа иаар алшоит
Аԥхьатәи амшқәа рзы заатәи аҿаҵарақәа аԥырхуамызт, аха Ҟрым аԥкырақәа аналанагала мапкрақәа рацәахеит. Атуроператорцәа ишырҳәо ала абҵарамзатәи аныҳәамшқәа рзы заанаҵтәи аҿаҵақәа рҟынтә 20% мап рыцәкхеит.
Ромашкин иазгәеиҭеит атурқәа мап рцәыркит: Ҟрым - 30%, Калининград - 40%, Ахьтәы мацәаз аҩныҵҟа - 10% ҳәа.
Краснодартәи атәылаҿацә Атуризм аминистрра: Ҟәыбина аԥсшьарамшқәа раан аилыхара ыҟам