АҞӘА, жьҭаара 29 - Sputnik. Жьҭаара 29 рзы иазыԥхьагәаҭаз аӡаанкылара атехникатә мзызқәа рзы иаԥыхуп. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсныпресс.
Анаҩстәи аремонттә усурақәа рзы АУН "Аӡыканал" ҷыдала алаҳәара ҟанаҵоит.
Уаанӡа "Аӡыканал" адырра ҟанаҵахьан жьҭаара 29 асааҭ 00:00 инаркны 20:00 рҟынӡа ӡыда иаанхоит Ажәытә ҳабла, "Колос", Ешба имҩаду, Адыгаа рымҩа, ақалақь агәҭа, ВИЕМ, иара убас аџьармыкьеи Алашарбагеи иахьрыҵанакуа ҳәа.
Аҳҭнықалақь ахадараҿы ишырҳәаз ала, ауааԥсыра ӡыда иаанхоит Лакоба имҩаҿы имҩаԥырго аусурақәа ирыхҟьаны.