"Аррахь ацара згәы иҭоу, уи зҭаху, иара ааԥхьара иалгаанӡагьы арратә комиссариатқәа рҿы инеины иҵаауеит ҳанбааиуа ҳәа. Дара роуп аԥхьагьы ашәҟәы зыҽҭазгалогьы, аха ус еиԥш иҟам зегьынџьара. Рнапы ҳамыхакәа имааиуагьы рацәаҩуп. Еиҳарак аҭаацәа роуп амҩа иқәызҵо ахәыҷқәа, убра ирыҵаҳәатәуп", - ҳәа иҳәеит Ҭарба.
Аԥсны амчратә структурақәа рхеилак ахантәаҩы иажәақәа рыла, аррахь анаԥхьара аплан анамыгӡара еиҳарак изыхҟьо аҷкәынцәа усҟак аррахь азхьаԥшра ахьрымам ауп. Иара игәаанаграла арԥарцәа иаҳа идырбалатәуп, идырҳалатәуп изакәу арратә маҵзура.
Ареспублика арратә комиссар иҳәеит, аҿар аррахь радԥхьаларазы иҟоу алшарақәа ртәы, убри аан иазгәеиҭеит, ари аус аҿы аусҳәарҭақәа зегьы еидгылар шакәу.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.