Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Гәлиа Ҟәланырхәа амҩақәеи афымцамҩангагақәеи рҭагылазаашьа иазкны

Гәдоуҭа араион Ҟәланырхәа ақыҭауаа ирыԥсҭазаашьоу, уадаҩрас ирымоу, рхы зланыҟәырго уҳәа арадио Sputnik аефир аҟны арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҭеиҳәеит ақыҭа ахада Руслан Гәлиа.
Sputnik
"Ақыҭаҟны уадаҩрас иҳамоуп афымца мҩанызго ацәаҳәақәа рыԥсахра. 1963 шықәсазы иргылан ашьаҟақәа. Иҟоуп ҭыԥқәак иахьаҳаԥсаххьоу ашьаҟақәеи афымцацәаҳәақәеи, иҵегьы иԥсахтәу ыҟоуп. Иҳаҩсыз нанҳәамзазы амшцәгьақәа раан амҩа аԥхасҭа аҭан, иаӡәӡәеит амашьына зымҩамсуа аҟынӡа. Мызкы аҩнуҵаҟа уи аҭыԥ иқәҳҵеит араион ахадара ҳацырхрааны, ҳаивагыланы", - иҳәеит Гәлиа.
Иаҳа инарҭбаау аицәажәара аудиофаил аҟны.