Аԥсны

Шәача иус рыӡбеит акомпиутертә видеокартақәа Аԥсны ралагаларазы аҵарҭыша згаз аҳазалхҩы

Аҳазалхырҭа уаанӡатәи аусзуҩ 30 000 мааҭ аҵарҭыша иоуит.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 29 - Sputnik. Краснодартәи аҳазалхырҭа Адлертәи аушьҭырҭатә ҭыԥ аинспекторс иҟаз аҵарҭыша игеит ҳәа ахара ихараҵоуп. Абри атәы аанацҳауеит атранспорт аҿы Урыстәыла Аусҭҵааратә еилакы Мраҭашәаратәи аусбарҭа.
Иара хышықәсеи мызки иқәҵоуп азеиԥш режим иатәу ариашаратә колониаҿы ихигаразы, аҳәынҭқарратә маҵзура асистемаҿы амаҵзура аанкылара азин имхуп хышықәса рыҩнуҵҟа.
Аусҭҵаара адыррақәа рыла 2021 шықәса хәажәкырамзазы Аԥсныҟа 26 компиутертә видеокарта аазгоз ахаҵа заанаҵы ахара зхараҵоу диацәажәеит, 30 000 мааҭгьы ииҭеит. Абри ашьҭахь аҳазалхҩы ари ахаҿы аҳәаа ԥкрада ахысра азин ииҭеит.