АҞӘА, жьҭаара 30 - Sputnik. Амҵәыжәҩақәа змоу аракетақәа зықәгылоу америкатәи аесминецқәа "Арли Биорк" USS Porter Амшын еиқәа иҭалеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара анапхгара амилаҭтә центр аҿы (Атәылахьчара аминистрра иаҵанакуеит).
Иазгәаҭоуп Амшынеиқәатә флот аесминец иҟанаҵо ашьклаԥшра иалагахьеит.
Уаанӡа еилкаахеит НАТО-и Еиду Америкатәи аштатқәа Арра-мшынтә мчқәа афбатәи рфлот аштабқәеи Амшын еиқәаҿи Абжьарадгьылтә мшын аҿи аоперациақәа ишрылагаз. Аштабқәа аӷба Mount Whitney аҿы иҟоуп. Аха иагьа ус иҟазаргьы, аесминец Porter арегион ахь анашьҭра аоперациа иадҳәалоу иадҳәаламу атәы аарыцҳаӡом.