"Ҳара ақалақь аҿы ҳанхон, аха аџьынџь аиқәырхаразы ақыҭахь хаиасырц ҳаӡбеит. Ақыҭаҿы сызлагари ҳәа саназхәыц, имаҷны иҟоу аинкубатор хәыҷ аасхәан, салагеит. Даара ибзиан исыцааизшәа збеит. Убаҩ уанацәымаашьа, ақыҭаҿы алҵшәа бзиақәа ыҟоуп ҳәа исыԥхьаӡоит. Зныкгьы схы иҭасымгалацт ақалақь ахь аиҭахынҳәра. Аԥсуа телехәаԥшраҿы исаҳаит ишыҟоу аҭагылазаашьа сус аизырҳаразы. Уи сгәы иҭаскит. Сарзаҳал аналасҵа ашьҭахь иааины ирбеит сықәҷарақәа шысааӡо, иахьҭаку. Сџьықәреи ыҟоуп, иахьызбо аҭыԥ ыҟоуп, зегьы сықәманшәалахеит ҳәа азысҳәартә сыҟоуп, аха ҳәарада, аџьабаа ду ацуп ари аус", - ҳәа еиҭалҳәеит Ҷанԥҳа.
Асҭанда илҳәеит лус аизырҳаразы апрограмма иабзоураны иаахәаз амаҭәарқәа ртәы, еиҭа илоуран иҟоу, лаалыҵ аиҭаразы илызцәырҵуа ауадаҩрақәа ртәы.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.