"Очамчыра агәамсам аганахьала ауадаҩрақәа ҳамоуп. Ақалақь аҩнуҵҟа иҳамоуп 170 цыра аҭаԥсарҭақәа, урҭ ҳазхаӡом, иҳамазароуп 300 инареиҳаны. Уи анаҩсгьы агәам ахькаҳажьуагьы ҳамаӡам. Уажәы ажәбатәи аҳабла ҳәа иахьашьҭоу икаҳажьуеит. Шықәсык аҩнуҵҟа ԥшьынтә иааҳгоит амашьына, иаҳрыцқьоит, аха уи ахәаӡом. Аҩбатәи аполигон аартразы азҵаара ықәыргылатәуп. Аҭыԥ алухыртә иҟоуп, аха уи аартразы имаҷымкәа аԥара аҭахуп, ус еиԥш араион абиуџьеҭ иалшаӡом", - ҳәа еиҭеиҳәеит Шәырдлаа.
Очамчыратәи АУН аиҳабы иажәақәа рыла, ақалақь аҩнуҵҟа иалоу арахә рацәоуп, дара агәамсам ҭаԥсарҭақәа ирҭалоит, уи зыхҟьоугьы ирымоу абакқәа ахҩақәа ахьрымам ауп. Арахә агәам еиԥхьдырттоит, анаҩс ишьҭыхуа ақалақь ҳалоуп, ҳәа азгәеиҭеит Шәырдлаа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.