"Сара шьҭа 40 шықәса инарзынаԥшуеит Џьгьарда ақыҭа салҵны Гагра араион аҟны сынхоижьҭеи. Еиҳарак уахь (ажәытә маҭәарқәа реизгарахь - азгә.) схьазырԥшыз, ақалақьтә ԥсҭазаараҿы ҳаԥсуареи, ҳдоуҳаи, ҳкультуреи реиқәырхара ауадаҩрақәа шацу збоит. Ахшара рааӡара уаналагалак ашьҭахь, убызшәа еиқәурхарц, уқьабзи уҭоурыхи урызхьаԥшырц азы ашәҟәи ажәеи мацара азхом. Ула иабо амаҭәарқәагьы ыҟазароуп, убасҟан ауп агәыбылра анрызцәырҵуа изызҳауа аҿар", - иҳәеит Ҵәыџьба.
Иара еиҭеиҳәеит еизганы имоу аекспонатқәа рҟынтәи иаҳа ақәра змоу арбанқәоу, "адасга" ҳәа изышьҭоу амаҭәар рхы иахьадырхәоз, аԥсуа музыкатә рҳәагақәа рҟынтәи иахьа шамахамзар иуԥымло, зеиҭашьақәыргылара алыршахаз "аҷыжь" атәы.
Шәазыӡырҩы аудио.