"Аханатә ари аус хацыркын Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аусура ахырхарҭақәа ируакны, аибашьра афольклор аизгара ҳәа. Атема ҵаруп, ус унадԥаланы иҭуҵаауа ак акәӡам аҟнытә маҷк иахыгашәа ҳааиуан. 2019 шықәса рзы раԥхьатәи анҵамҭа ҟаҳҵеит Зураб Џьапуеи сареи. Убысҟан агьама скыҵәҟьеит, насгьы сшазыхиамыз збеит. Анҵара сазыхиаӡамызт, зынӡа. Аибашьҩы даауртырцаз иаҭаху азҵаарақәа, атемақәа, акамера аҿыхны иануҵаша уҳәа ицәырҵуа рацәоуп. Анаҩс аибашьцәа сыҽрымаздо, атема иаҳа сҽагәыласхало салагеит. Даара имариам акоуп. Иснарбазгьы, зегь реиҳа ихадароу ахшыҩҵак - ҳаибашьра ҭҵааӡам. Уи рыцҳара дууп. Ҳаибашьҩы иҭоурых ҭымҵаакәа аибашьра азеиԥш хаҿсахьа ҳзышьақәыргылаӡом", - ҳәа еиҭалҳәеит Ҳаџьамԥҳа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.